Получи случайную криптовалюту за регистрацию!

D News Абхазия

Логотип телеграм канала @dnabkhazia — D News Абхазия D
Логотип телеграм канала @dnabkhazia — D News Абхазия
Адрес канала: @dnabkhazia
Категории: Новости и СМИ
Язык: Русский
Страна: Россия
Количество подписчиков: 9.14K
Описание канала:

Предложить новость👇🏻
@DNAbk_bot
Реклама 👇🏻
dnewsabkhazia@gmail.com
Наш канал о войне 👇🏻
https://t.me/DNewsWar

Рейтинги и Отзывы

4.50

2 отзыва

Оценить канал dnabkhazia и оставить отзыв — могут только зарегестрированные пользователи. Все отзывы проходят модерацию.

5 звезд

1

4 звезд

1

3 звезд

0

2 звезд

0

1 звезд

0


Последние сообщения 42

2021-05-04 14:27:59 ААҦХЬАРА

Дырмит Габалиа:

Ҳаҭыр зқәу сҩызцәа, сықәлацәа!
Абар, иҳазгәамҭаӡакәа аҧхынра ааит, амшын ҟәандахеит, ажәҩан цқьахеит, ҳашьхақәа рыхҭырҧа шкәакәақәа рхыхра рҽазыркхьеит.
Ус анакәха, иаарласны асасцәа рацәаҩны ҳтәыла иаҭаараны иҟоуп, ҳаҧсшьарҭатә ҭыҧқәа рахь имҩахыҵны, раамҭа гьамала ирхыргарц ргәы иҭоуп.
Ҵыҧх аахыс адунеи аҟны ицәырҵыз ачымазарабааҧс иахҟьаны ажәларқәа ирылаҳәаз аҧҟарақәа рышьҭахь, макьанагьы аҳәынҭқаррақәа зегьы рҳәаақәа анаартым аамҭазы, ҳара иаҳзаауа сасцәа рацәаҩхап. Ҵыҧх аахыс аҭагылазаашьа ҷыда иҭагылоу ҳауаажәларгьы рхатәџьабаала рхи рҭаацәеи зланыҟәыргаша ҧарак дырҳап.
Исҳәарц исҭаху иахьынӡасҭаху амч шамам шыздыруагьы, изаҳауа, мамзаргьы изаҳарц зҭаху шырацәаҩым шеилыскаауагьы, абарҭ амшқәа рзы гәыҵхақәак сымоуп. Урҭ аасырҧшырц сҭахуп зыҳәарак аҳасабала.
Сҩызцәа, сықәлацәа (еиҳаракгьы зыҩны аҧсшьаҩцәа здызкыло) акы иеиҧшымкәа сшәыҳәоит:
1. Ҳтәыла иаҭаарц иаауа асасцәа имырхьаакәа, гәнырхарада ирыҵашәҳәала ҳажәлар рҵасқәеи, рқьабзқәеи, рыҧҟарақәеи ирықәыршәаны рхы мҩаҧыргарц, рыҧсшьара ҿырҧшыга бааҧсны иаҳхьымсырц, ҳдоуҳатә культура апринципқәа еиланамгарц.
2. Еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ҟалашт, аха урҭ зегьы раан асасцәа ргәы нзырхо рыҧсшьараамҭа еилазго, "арахь ҳмаакәа ҧыҭк ҳақәындаз...уаҳа ҳааӡом..." рҳәартә иҟамларц шәыуаҩреи, шәыҧсуареи шәрыҵамхааит.
3. Аҧсшьаратә ныҟәара аиҿкааҩ инаиркны, амашьына арныҟәцаҩ иҟынӡа, ҳажәлар рхәыцреи, рҟазшьеи, рцәаҩақәеи, рҭоурыхи, ркультуреи уҳәа, бзиарас ирылоу зегьы аарҧшны, ицәырганы, ҳасасцәа ҧшӡала ҳардырыртә, ҳаҭырла ҳаилыркаартә, аринхысгьы ҳтәыла аҭаара гәахәарала рхы-ргәаҿы инхартә аҧсуа хымҩаҧгашьа ныҟәыжәгааит.
4. Ҷыдала схы рықәкны азыҳәара ҟасҵарц сҭахуп аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа. Аҧхынтәи аҧсшьара алагамҭазы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр есышықәса адҵа ҟаиҵоит: еилагара дук ҟарымҵазар, зхатәмашьынала иаауа асасцәа агәамҵра иақәдмыршәарц. Иауазар, уи адҵа шәахымҧан, иамуазар, ҳауаажәлар уи шәахылаҧшыр бзиан: асас дзыргәамҵуа аинспектор дыжәбозар, шәиаҩымсыр, ихы шымҩаҧигаша иабжьыжәгар ахәҭоуп.
5. Асасааирҭеи, аҭҳаџьырҭеи инадыркны, ахәаахәҭырҭатә ҭыҧ маҷқәа змоу рҟынӡа: шәрыцклаҧш ацқьареи, аиҿкаареи, шәрызҿлымҳаха аҧшӡареи, агьамеи, аҧҟарақәеи, ашәарҭадареи, шәашьҭала ахаҭабзиара.
Даҽакгьы, акы иеиҧшымкәа сшәыҳәоит: аҧсуашәақәа цәырыжәга, асасцәа идшәырҳа. Измам шәыҟазар, уажәнатә ишәыҧшаа, шәҽазыҟашәҵа.
Ҽаанбзиала шәнеиааит зегьы! Ҧшӡала иаҳхаҳгааит ари ашықәсаамҭа сасгьы ҧшәымагьы!

Дырмит Габалиа
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла
Ақ. Аҟәа, 02.05.2021 ш.
4.5K views11:27
Открыть/Комментировать
2021-05-03 20:37:06
В соцсети выложили документы о присвоении воинских званий, в том числе и действующему президенту Аслану Бжания за подписью Владислава Ардзинба.

https://t.me/NRAbk
4.1K views17:37
Открыть/Комментировать